Нанҳәа 9 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилаки раԥшьгарала Шьамтәылатәи Арабтә Республикахь гуманитартә цхыраагӡак аҳасаб ала 12 тонна аӡыржәтә рышьҭит. Аӡы амҩангараан ацхыраара руеит Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә мчрақәа рштаб хадеи Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрреи.
Еихшаны аԥаҭлыкақәа ирҭоу, иреиҳаӡоу ахаҭабзиара змоу аӡыржәтә «Кәыдры» Аԥсны Гәылрыԥшь араион аҟны иҵыҵуеит.
Иахьатәи аамҭазы иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны Шьамтәыла 5 миллионк рҟынӡа ауааԥсыра ишырҭаху аӡыржәтә цқьа роуа иҟам. Аибашьра ахҟьа-ԥҟьақәа ирыхҟьаны ирхәашоуп аӡымҩангагақәа.
Шьамтәыла инхо аԥсуа диаспора реиҳараҩык Шьамтәыла ажәлар ирыхәҭаку ракәны жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагыланы еибашьуеит.