Ажәабжь ҿыцқәа

6 December 2018 744
Аԥсны Апарламент Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа ҩба:  «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭреи» «Аекономикеи, ахəаахəҭреи, аҭҵаарадырреи, атехникатəи, акультуратəи усеицуразы Шьамтәылеи Аҧсныи еицырзеиҧшу Аилак аҧҵаразы аиҳабырабжьаратə Еиқəшаҳаҭреи аратификациа рзнауит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҳәамҭа провокациак аҳасабала иаднакылеит. Уи аҳәамҭа арегион аҟны аибарххара иацнамҵозар иагнархом. Асеиԥш иҟоу европатәи ачынуаа рҳәамҭақәа атәыла-агрессор идгылароуп иаанаго.
1 December 2018 563
Аԥснытәи аҿар рделегациа аҽаланархәит Жәларбжьаратәи аҿартә форум 6.0 "Территория развития", зықьҩыла Урыстәылеи адунеи егьырҭ атәылақәа жәпаки рҟынтәи аҿар злахәыз. Жәларбжьаратәи аҿартә форум 6.0 "Территория действия"мҩаԥысит Санкт-Петербург.
28 November 2018 627 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндрес ииубилеи идиныҳәалеит.
Шьамтәылатәи Арабтә республика ателехәаԥшра адырра ҟанаҵеит ЕАШ зхадараҿы иҟоу жәларбжьаратәи акоалициа апровинциа Деир-ез-Зор  аҳауаҟынтәи иалахысуан ҳәа. Иҟоуп аҭынч уааԥсыра рҟынтәи иҭахаз. Урҭ реиҳараҩык хәыҷқәоуп.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа  46-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 10-11 рзы. Уи аламҭалаз Аԥсныҟа иааиит  аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рлахәылацәа: Тоиво Клаар, Джихан Султаноглу, Рудольф Михалка.
Берлин, Азеиԥш бызшәадырра Леибниц-центр аҿы (ZAS) имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аконференциа "Ақалақь дуқәа абызшәа маҷқәа". Иара иалахәын аҵарауаа-алингвистцәа, еиуеиԥшым адиаспорақәа рхаҭарнакцәа. Аԥсуаа, абаскцәа, акаталонцәа, анепалцәа, тагалогаа, фулаа уҳәа егьырҭгьы ирыман алшара ртәылеи рбызшәеи рҭоурых иалацәажәарц.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит НАТО и Қырҭтәылеи рыбжьара аусеицура еиҳа-еиҳа ахьаҽарӷәӷәо.
2018 шықәса, абҵара 12 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела агазеҭ  EL LIDER аҿы иркьыԥхьит астатиа «Аԥсны –аспорт атәыла»
6 November 2018 805 Анотақәа
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә усбарҭа «Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра» иахьа иналукааша аныҳәамш азгәанаҭоит. 40 шықәса – имаҷым ари аамҭа. Уаҩытәыҩсатә ԥсҭазаарак иаҟароу, зхатә ҭоурых беиа зымҽхазкхьоу, иара убри аамҭазгьы акыр шықәса лаша заԥхьаҟа иззыԥшу уалԥшьа дууп.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: