Ажәабжь ҿыцқәа
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аԥсуа-адыга диаспора аҟынтәи ашколхәыҷқәа рзы агәыҳалалратә усмҩаԥгатә мҩаԥнагеит. Кудсиа араион аҿы аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы, алагарҭатәи аҽазыҟаҵаратәи аклассқәа рҿы итәоу 150-ҩык ахәыҷқәа ашколтә маҭәахәқәа рыҭан. Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али ахәыҷқәа рҵараҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьеишьеит.
2024 шықәса цәыббра 4 азы Аԥсны АдәА рминистр Сергеи Шамба Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа диԥылеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика шьаҭаркуижьҭеи 34 шықәса аҵра иазкыз аофициалтә дкылара далахәын.
Цәыббра 3 азы Цхинвал, Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев Цхинвал, Беслантәи арыцҳара 20 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа дрылахәын.
2024 шықәса цәыббра 2 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Ареспублика Никарагуа Арратә мчқәа рышьаҭаркра 45 шықәса ахыҵра
аныҳәа иалахәын.
3 September 2024 83
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба цәыббра 3 2024 шықәсазы Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Аинфоцентр аҿы абрифинг мҩаԥигеит ажурналистцәа рзы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Роналдо Монкада Колиндрес Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы Адекрет анапаҵаҩра 16 шықәса ахыҵразы адныҳәаларатә шәҟәы изынеишьҭит.
3 September 2024 76
Цәыббра 3 2008 шықәса аҽны Ареспублика Никарагуа ахада Хосе Даниель Ортега Сааведра абри азы адекрет инапы аҵеиҩит.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аисламтә Республика Пакистан азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Шахид Ахтар инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али далахәын ақалақь Хомс Аисламтә Республика Пакистан аҳаҭыртә Консулра аартра.