Беслан Агрба Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит

Беслан Агрба Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит
29 April 2025 109

Москватәи аԥсуа диаспора Ахеилак ахантәаҩы Беслан Агрба Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ аанкылара идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы ҷыдала иазгәаҭан:

«Москватәи аԥсуа диаспора рыхьӡала,хаҭала сара сыхьӡала, ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрс шәыҟазаара! Ари аӡбамҭа шәганахь ала агәрагара ҳаракы шыҟоу шаҳаҭра анаҭоит, иара убасгьы шәдипломатиатә баҩхатәреи, ҳтәыла аинтересқәа рыхьчара гәык-ԥсык ала шәазыҟазаареи шазхарҵо еилыкка иаанарԥшуеит.

Еиҳараӡак игәахәароуп Москватәи аԥсуа диаспора иреиӷьӡоу ахаҭарнакцәа руаӡәк, ас еиԥш зыҩаӡара ҳараку, аҭакԥхықәра ду зцу амаҵураҭыԥ дахьадыԥхьалоу. Абра, Москва, Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу ахәаахәҭратә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы имҩаԥыжәгоз активтә усуреи, Аԥсны аҳәаақәа рынҭыҵгьы Аԥсны ахьӡ алаҵәара амазарц ааԥсара зқәымыз шәусуреи акыр зҵазкуа лагала дууп. Агәра ганы сыҟоуп, шәԥышәа иахаьтәи шәнапынҵақәа рҿы акыр зҵазкуа ресурсны ишыҟало.

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа – адунеи ажәларқәа еимаздо цҳауп, ари апроцесс аҿы шәара шәроль ииашаҵәҟьаны ахә ашьара уадаҩуп. Шәара шәнапхгарала ҳҳәынҭқарра зыгәра угартә иҟоу апартниорцәа ҿыцқәа, аҩызцәа иашаҵәҟьақәа аиуааит, агәылацәеи иареи аҳәоуеиқәшәаратә еизыҟазаашьақәа рыманы, адунеизегьтәи адиалог аҿы иаԥсоу адоуҳатә малқәа раарԥшра алшо иҟалааит.

Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара зҩыда, ҵыхәаԥҵәара змам аихьӡарақәа, ԥхьаҟаԥшра, иарбанызаалак шәаԥшьгамҭақәа рҿы ақәҿиарақәа. Шәусура аҭынчреи, аизҳазыӷьареи, аилибакаареи ирыцхраалааит, адунеи акәакьқәа зегьы рҿы Аԥсны абжьы ҵарны, агәра угартә еиԥш игалааит!

Агәабзиара, аихьӡара ҿыцқәа, аҭакԥхықәра зцу ари амаҵураҭыԥ аҿы агәацԥыҳәара! Ҳтәыла абзазаразы, ашәҭыкакаҷразы, аԥеиԥш лашазы!»

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: