Ажәабжь ҿыцқәа

Арегионалтә шәарҭадара, ЕАА Афганисҭан аҟазаара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра, Аԥсни Мрагылара Ааигәа атәылақәеи реизааигәахара арҭбаара – Аԥсны иаҭааит Афганисҭан аделегациа.
7 February 2023 358
«Аҳәынҭқарра ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа инапынҵала аԥхьагыла ҿарацәа адгылара рыҭара аусхк аҟны жәларбжьаратәи аусеицура ҳарҿиоит, иҳарӷәӷәоит ҳҿар Урыстәыла иналукааша арҵаратә программақәа рахь рнеираз алшарақәа.
7 February 2023 196
2023 шықәса жәабран 6 азы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Роберт Киути реиԥылара.
2023 шықәса жәабран 6 азы имҩаԥысит Ареспублика Никарагуа ахь инашьҭу азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа ахада Даниель Ортега Агәраргагатә шәҟәқәа анииҭоз ацеремониа.
6 February 2023 261 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшылара ҟанаҵеит Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуааи рзы аминистррахь Шьамтәыла аҩадатәи апровинциақәа рҟны аԥсыҭбарақәа зцыз адгьылҵысра инадҳәаланы.
3 February 2023 358
2023 шықәса жәабран 3 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵра иазку, Аҟәа, лаҵара 17 азы имҩаԥгахо афорум Global Abkhazia аиҿкаара иазкны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аилацәажәара мҩаԥигеит.
Жәабран 2 рзы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аколлективи ронлаин-еилацәажәара. Уи далахәын ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
31 January 2023 402
Жәабран 21-22 рзы имҩаԥысраны иҟаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд ахырԥоуп Евроеидгыла, ЕАР, ОБСЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа рхаԥышәала.
31 January 2023 213 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ареспублика Науру Адәныҟатәи аусқәа рминистр Расс Џьозеф Кун адныҳәаларатә нота азынаишьҭит, Ахьыԥшымра амш инадҳәаланы.
Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмч нагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: