Лаҵара 17 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идикылеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалбеи.
Аиԥылара алахәылацәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идырныҳәалеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 26 шықәса ахыҵра амшныҳәа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркын 26 шықәсараԥхьа, 1993 шықәса лаҵара 17 рзы.
Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит Аԥсны аинтересқәа реихаҳараз аҵакы аманы ишыҟоу аицусура, иколлегацәа ирзеиӷьеишьеит адипломатиатә ус аҿы ԥхьаҟагьы ақәҿиара дуқәа.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым азҵаарақәа ирылацәажәан. Иазгәаҭан ԥхьаҟатәи аусеицура ахырхарҭақәа.