Ажәабжь ҿыцқәа

12 September 2018 767
Цәыббрамза 12 рзы Гәдоуҭа ақалақь Акультура ахан аҟны имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр, "Ахьӡ-Аҧша" аорден II аҩаӡара занашьоу Геннади Гагәылиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аофициалтә церемониа.
12 September 2018 525
Цәыббра 12 рзы Урыстәыла иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика Ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддад Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара инадҳәаланы Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿ адышшыларатә шәҟәы аҩыра аниҵеит.
11 September 2018 709
Геннади Гагәылиа машәырла иԥсҭазаара далҵит цәыббра 8 руха. Аԥсыжра ҟалоит цәыббра 12 рзы. Аԥыза-министр иҭахара инамаданы адышшыларатә шәҟәқәа хдыртит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Арахь иааиуеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа ргәалсра рыцеиҩыршарц.
11 September 2018 1084 Анотақәа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра, Геннади Гагәылиа иуацәеи иҭынхацәеи рыхьӡала адышшыларақәа аауеит иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа машәырла иҭахара инамаданы.
Геннади Гагәылиа машәырла иԥсҭазаара дахьалҵыз инамадан Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭахь цәыббра 10 рзы днеиит  Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Никарагуа ареспублика Ацҳаражәҳәаҩ Иоска Кальдерон Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа дидышшыларц.
10 September 2018 541
Геннади Гагәылиа машәырла иԥсҭазаара далҵит цәыббра 8 руха. Аԥсыжра ҟалоит цәыббра 12 рзы. Аԥыза-министр иҭахара инамаданы адышшыларатә шәҟәқәа хдыртит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы, Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакраҿ, Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакраҿ, Дамаск ақалақь арҵаҩцәа рконференц-зал ахыбраҿ.
9 September 2018 972 Анотақәа
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ирыдашшылоит машәырла иҭахаз Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа иҭаацәа, иуацәа, иҭахцәа.
3 August 2018 1068
2018 шықәса нанҳәа 2 рзы Боливариантәи ареспублика Венесуела иҟоу  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿ имҩаԥысит  Жәларбжьаратәи аҳамҭа «FELICORPSDIPLOMATIC» (ФЕЛИКОРПС ДИПЛОМАТИК) Боливариантәи ареспублика Венесуела иҟоу  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа ианашьара ацеремониа.
21 July 2018 867
Ҧхынгәымза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кумпилови реиҿцәажәара мҩаҧысит аҩ-ҳәынҭқаррак реиҳабырақәа злахәыз аиҧылараҟны.
19 July 2018 749 Анотақәа
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Сандинисттәи ареволиуциаҟны аиааира 39 шықәса ахыҵра иазкны Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: