Ажәабжь ҿыцқәа

8 April 2018 745 Анотақәа
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа амш инадҳәаланы.
Қырҭтәыла Аԥыза-министр Георги Квирикашвили "Уаҵәтәи амш ахь ашьаҿа" захьӡу, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра ргуманитартәи рсоциал-економикатәи ҭагылазаашьа аиӷьтәра иазырханы иишьо аԥшьгамҭа ҟаиҵеит. Аԥшьгамҭа ахҳәаа азиуит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит 2018 шықәса хәажәкыра 27-28 рзы. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла , Урыстәыла, ЕАШ (США) рхаҭарнакцәа, ООН, ОБСЕ, ЕС рҟынтәи ацхантәаҩцәа.
26 March 2018 827 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит
23 March 2018 1164
Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқаррахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵара 25 шықәса ахыҵра инамаданы Ахантәаҩы Беслан Дбар идиныҳәалеит.
23 March 2018 1373 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит.
16 March 2018 841
Алекциа «Аԥсуа бызшәа Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рсаркьак аҳасабала» мҩаԥысит хәажәкыра 14, Берлин иҟоу адунеи абызшәақәа Рмузеи аҟны. Алекциа даԥхьеит ФРГ иҟоу Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.
15 March 2018 1426 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
7 March 2018 1099 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь, урыстәылатәи атранспорттә ҳаирплан АН-26 аҭахара инадҳәаланы. Аҳаирплан иҭаз 33-ҩык апассаџьырцәеи 6-ҩык аҳаирплан аекипажи ҭахеит.
6 March 2018 805
Хәажәкыра 1 2018 шықәса рзы Москва имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рхаҭарнакцәа: Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Григори Карасини Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи реиԥылара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: