Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд аҳәаақәа ирҭагӡаны аусура иацнаҵоит
Ԥхынгәымза 1, 2026 шықәса рзы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд апрофильтә усуратә гәыԥқәа рҳәаа иҭагӡаны Кавказнҭыҵ имҩаԥысраны иҟоуп аиҿцәажәарақәа, Урҭ раан Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа амшхәаԥштә азҵаара хадақәа рзы апозициа – акраамҭатәи ашәарҭадара ахәдықәҵарақәа реиқәыршәара, Қырҭтәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь ала амч ахархәара алмыршара, аиҿцәажәаратә процесс алахәылацәа рыбжьара ишиашоу адиалог ԥхьаҟа ацҵаразы аус зуа жәларбжьаратәи механизмк аҳасабала аиқәырхара ртәы аанарԥшуеит.
Изаамҭанытәиу араунд аихшьаалақәа рзы аинформациа инацҵаны ицәыргахоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд аҳәаақәа ирҭагӡаны аусура иацнаҵоит
1 July 2026 70