Донецк Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилин Аԥсны Аҳәынҭқаррахь дааит жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны – ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" иҽалаирхәырц

Донецк Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилин Аԥсны Аҳәынҭқаррахь дааит жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны – ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" иҽалаирхәырц
2 April 2026 76

Мшаԥы 2 рзы Донецк Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилин Аԥсны Аҳәынҭқаррахь дааит жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны – ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" иҽалаирхәырц.

Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы Денис Пушилин диԥылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.

ДЖәР аделегациа иалахәуп: ареспублика Аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Кирилл Макаров, ДЖәР ахада ицхырааҩ Викториа Талакина.

Аделегациа дацны ареспубликахь дааит "Донбасстәи абнатә дивизиа" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: