Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Ҭамила Мерцхәылааи аиԥылара мҩаԥыргеит.
Аиԥылараҟны иалацәажәан ԥхьаҟатәи аусеицура аԥеиԥшқәа.
Инал Арӡынба иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа аусутә ҟазшьа шрымоу, еиуеиԥшым азҵаарақәа рылацәажәара шалдыршо.
Иазгәаҭан Аԥсны адәныҟаполитикатә усура ахықәкы хадақәа ишреиуоу Аԥсны аинтеграциатә процессқәа рылархәра.