Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ахада ихьӡ иадҳәалоу анапхаҵа сааҭ ҳамҭас ииҭеит ҧаса Ҭырқәтәыла иҟаз Амчнаӡа змаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнак Инар Гыцба, иусураан Ҭырқәтәыла Ареспубликаҟны иҟоу аҧсуа диаспореи Аҧсны ауааҧсыреи реизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҕәҕәареи рыҟны илагаламҭазы.
Инар Гыцба Амчнаӡа змоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакс дыҟан 2014 шықәса инаркны 2017 шықәса рҟынӡа. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идҵала Инар Гыцба 2017 шықәса ԥхынгәы 20 инаркны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟынтә анапынҵа ҷыдақәа змоу хаҭарнакны дҟаҵоуп.