Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр РИА Новости иеиҭаз аинтервиу

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр РИА Новости иеиҭаз аинтервиу
8 August 2024 146

1. Сергеи Мирон-иԥа, иарбан зҵаароу иахьазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҿаԥхьа ихаданы иқәгылоу? Иарбан ҭыԥу иааннакыло Урыстәылеи Аԥсни русеицура азҵаара?

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҿаԥхьа имаҷымкәа иӡбтәны иҟоу азҵаарақәа ықәгылоуп. Арахь иаҵанакуеит амилаҭтә интересқәа жәларбжьаратәи аренаҟны рыхьчара, ареспублика жәларбжьаратәи азхаҵара амҽхак арҭбаара, Аԥсны ихьыԥшыму, исуверентәу ҳәынҭқаррак аҳасаб ала иазхазҵаз атәылақәеи иареи реимадарақәа рырҵауылара, адәныҟаполитикатә шәарҭарақәеи аҭагылазаашьақәеи ианаамҭоу иахәҭоу азхьаԥшра рыҭара. Иааидкыланы жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа иахьазы атурбулент ҟазшьа рымоуп, ҳаргьы уи азгәаҭаны ҳхы мҩаԥаагалароуп.

Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа акәзар, ҳтәылақәа рыбжьара аиныррақәа рҭоурых дууп.

Иахьа Урыстәыла Аԥсны азы стратегиатә дгылаҩуп. Ҳабжьара иҟоуп аиқәшаҳаҭра-зинтә база ду. Арахь иаҵанакуеит адокумент хадақәа: 2008 шықәса цәыббра 17 азы анапы зҵаҩыз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра, 2014 шықәса абҵара 24 азы анапы зҵаҩыз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра.

Шәазхьасырԥшыр сҭахын Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика Аконцепциаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатә политика ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп ҳәа ишарбо Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара наҟ-ааҟ еицырзыфеидо аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи.

Иахьа, акыр иуадаҩу аамҭазы, ҳара Урыстәыла ҳадгылоит. Ишәгәаласыршәоит Аԥсны адгылара шанаҭаз Арратә операциа ҷыда, ишазханаҵаз Донецки Лугански Ареспубликақәа рхьыԥшымра, анаҩс Херсонтәии Запорожиатәии аобластқәа Урыстәыла ралалара. Аԥсны атәылауаа Арратә операциа ҷыда иалахәны еибашьуеит. Иҟоуп иҭахахьоу. Иара убасгьы иҳалшо ала агуманитартә цхыраара рзыҟаҳҵоит Урыстәыла арегион ҿыцқәа. Ҳаргьы Урыстәылеиԥш ииашоу, иламысцқьоу ахырхарҭарацәа змоу адунеиеиҿкаара ҳадгылаҩцәоуп. Иааидкыланы Урыстәыла ҳреспублика адәныҟатә политика ахырхарҭа хада акәны иҟоуп.

2. Аахыҵ Кавказ азы Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирԥеиԥшузеи, ишәыгәҭакума шәара урҭ рымҩаԥгаразы еиҭакрақәак ралагалара? Уаанӡа иҟан ацәажәарақәа урҭ аҽа қалақьк ахь ииагатәуп ҳәа. Иалкааума уи аҭыԥ? Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд анбамҩаԥгахо, иагьабамҩаԥгахо?

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа даара аҵакы рыманы иҟоуп. Иахьатәи аамҭазы арҭ аиҿцәажәарақәа иакзаҵәыку ҭыԥуп Аԥсны апозициа аартны иаҳәарц азы, Қырҭтәылеи иареи еимадазарц азы. Аусурақәа ҩ-хырхарҭакны имҩаԥысуеит: ашәарҭадареи агуманитартәи ҳәа. Иахьазы 61 раунд мҩаԥаҳгахьеит. Женеватәи аиԥыларақәа рҟны зегь раԥхьа иргыланы Аԥсны иқәнаргыло азҵаара Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩроуп. Уи Қырҭтәыла иахьа уажәраанӡагьы мап ацәнакуеит. Изаамҭанытәиу аиҿцәажәарақәа мҩаԥысраны иазыԥхьагәаҭоуп 2024 шықәса абҵарамза.

Аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы аҽа ҭыԥк аԥшаара азҵаара алацәажәара макьана заацәоуп.

3. Изеиԥшра хәшьароузеи иашәҭо Аԥсни Урыстәылеи русеицура, хаҭала ашәарҭадара азҵаарақәа рҟны? Очамчыра ақалақь аҿы Урыстәыла АМФ абаза анбаартхо?

Хырхарҭарацәалатәи аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура мҩаԥысуеит. Иналукааша усхкны иҟоуп ашәарҭадара аусхк. Ишыжәдыруеиԥш ареспубликаҿы игылоуп урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база. Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Аԥсны ашәарҭадара аиҿкааразы анапынҵақәа рымоуп, аҵакы змоу ароль нарыгӡоит аиҳаракгьы Қырҭтәыла амч ахамырхәаразы азиншьаҭа змоу ашәҟәы анапаҵаҩра ахьаҭахым инадҳәаланы. Иааидкыланы уаанӡа ишысҳәаз аиԥш жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа акыр еилаҩеиласуеит, убри азгәаҭаны аԥсны-урыстәылатә усеицура ашәарҭадара аусхк аҟны акрызҵазкуа акәны иҟоуп.

Очамчыратәи абаӷәаза акәзар, ара зыӡбахә ыҟоу арра-мшынтә база акәӡам. Еиҳа инарҭбааны уи атәы ҳтәылахьчаратә усбарҭаҿы ишәарҳәар рылшоит.

4. Ишԥашьақәгыло иеиҳабыратәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи шәареи шәеизыҟазаашьа? Шәаԥхьа иҟаз аминистр урҭ рзы даара дымҽыӷын. Ԥхьаҟагьы уи амҩала шәцало еиҳа гәреибагарыла аиҿцәажәара шәазыхынҳәуоу?

Иеиҳабыратәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рганахь ала исҳәар сылшоит – Адәныҟатәи аусқәа рминистрра урҭ рыпроектқәа еиҳа инарҵауыланы ирышьклаԥшлоит. ЕАР Амаҵзурақәеи ИЖәАи аполитикатә ҟазшьа змоу аусура рнапы алакымзароуп, ҳаҩныҵҟатә усқәа русс аламзароуп. Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит аибашьра ашьҭахьтәи аамаҭқәа рзы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа заҟа цхыраара ҳарҭаз. Иахьагьы иаҳҳәоит иҵоуроу, хра злоу агуманитартә проектқәа шырацәоу, урҭ аиҿкаарақәа рҿы аус шыруа ҳтәылауаа. Убри азы урҭ русура еилыршәшәаны ҳахәԥшлоит.

5. Қырҭтәыла атәы ҳалацәажәозар, Қарҭи шәареи шәеиҿцәажәара апроцесс аан акыр аҽаԥсахрыма? Акыршықәса ҵуеит ишиашоу еиныррак ыҟамижьҭеи, Галтәи аиԥыларақәа реиҭахацыркра шазыԥхьагәаҭазгьы. Иаҭахны ишәшьоума уи шәара?

Қырҭтәыла аганахь ала ҳпозициа еиҭакра амам. Қырҭтәыла иауалуп иҟоу аҭагылазаашьаҵәҟьа аднакыларц: Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, ихьыԥшыму ҳәынҭқарроуп. Ҳара изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟаҳҵахьеит «Аоккупациа зызуу аҵакырақәа рзы» азакәан аԥыхра хымԥадатәиуп ҳәа. Ари атермин ҳтәыла аганахь ала ахархәара зынӡагьы иҳазҳадкылаӡом.

Гал ақалақь аҿы имҩаԥыслоз аиҿанагаларақәа раԥырҟәҟәаареи азхьаԥшра рыҭареи рзы Амеханизм аусура аанкылоуп 2018 шықәса раахыс ақырҭуа ган алахәылацәа иконструктивым рпозициазы.

6. Нанҳәа 8 азы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ианақәлаз амш ауп. Қырҭтәыла аҽазнык ақәылара ҟанамҵарц азы гәыӷрақәас иҟои? Ҭагалан Қырҭтәыла атәыла ахада иалхреи Апарламент ахь алхрақәеи мҩаԥысраны иҟоуп. Иалшома алхрақәа рышьҭахь Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала аҽеиҭанакыр?

Хыхь салацәажәеит амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ԥеиԥшны иамоу. Қырҭтәыла абри аус аҿы апозициа зынӡаск конструктивизмк узадбалом.

Қырҭтәыла алхрақәа ҳрылацәажәозар иубоит Аԥсны атема аҩныҵҟаполитикатә еиҿагыларақәа рҟны ахархәара шарҭо. Ҳәарада ҳара ҳашьклаԥшуеит агәылаҳәынҭқарраҿ имҩаԥысуа зегьы. Ҳазхьаԥшуеит «аҩбатәи афронт» аартразы ааԥхьарақәа рҭак шыҟанаҵаз. Ҳара еснагь агәҽанызаара ҳамазароуп. Ҳақәгәыӷуеит ахшыҩ аԥыжәара аиуп ҳәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: