Жәабран 13 рзы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи аиҿкаара The HALO Trust ихьыԥшым аексперт Девис Пол Ентони реиԥылара. Аиԥылара иалахәын The HALO Trust апрограмматә менеџьер Исмет Задеи уи ихаҭыԥуаҩ Мери Кеннингтони.
Аиԥылараан ирылацәажәан аиҿкаара The HALO Trust Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы имҩаԥнаго апроектқәак. Ҷыдала иалацәажәан Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭаҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа асклад аԥжәара ахылҟьа-ҿылҟьақәа. Уи адагьы аиҿкаара The HALO Trust имҩаԥнагоит аусурақәа Аԥсны иахьаҵанакуа иԥымжәакәа иаанханы иҟоу аџьаԥҳаны ашәарҭадара аиҿкааразы.
Иракли Ҭыжәба ахә ҳаракны ишьеит The HALO Trust шықәсырацәала Аԥсны аҩныҵҟа имҩаԥнаго аусуразы. Иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара иҟоу аинырра шьахә.
Аиԥылараан иара убасгьы ирылацәажәан наҟ-ааҟ аинтерес ззеицрымоу азҵаарақәа.
The HALO Trust –икоммерциатәым гәыҳалалратә еиҿкаароуп, ауааԥсыра рзы ашәарҭара зҵоу аминақәеи аџьаԥҳани ршәарҭадара еиҿнакаауеит. Аиҿкаара The HALO Trust 1993 шықәса раахыс Аԥсны аус ауеит.