Иван Хиль Олег Барцыц идиныҳәалеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи 32 шықәса рхыҵра

Иван Хиль Олег Барцыц идиныҳәалеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи 32 шықәса рхыҵра
1 October 2025 91

Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аиааира Амши Ахьыԥшымреи 32 шықәса рхыҵра идиныҳәалеит.

Аацҳамҭаҿ, ҷыдала, иазгәаҭоуп:

"Сара сзы ҳаҭыр дууп Боливариантәи Ареспублика Венесуела ауааԥсыреи аҳәынҭқарреи рыхьӡала, иара убасгьы хаҭала сара сыхьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра Амш 32 шықәса ахыҵра инамаданы аиашьаратә салами гәык-ԥсык ала адныҳәалареи ахьышәзынасышьҭуа.

Ари аҭоурыхтә мшы аҽны Аԥсны ажәлар гәадурала рҳәынҭқарратә бираҟ шьҭырхит, уи алагьы рхьыԥшымра шьақәдырӷәӷәеит.

Ажәларқәа рхатәы ҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы рзин ӷәӷәала изыхьчо Венесуела, Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз ргәалашәара ҳаҭырла иазгәанаҭоит. Урҭ рфырхаҵара иахьатәии ԥхьаҟатәии абиԥарақәа рзы хашҭра зқәым ҭынханы иаанхоит".

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: