Хьыбла Амҷԥҳа “Украина аҭынчра ашьақәыргыларазы алшарақәа – Трампи Путини рсаммит” атемала имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә лхы алалырхәит

Хьыбла Амҷԥҳа “Украина аҭынчра ашьақәыргыларазы алшарақәа – Трампи Путини рсаммит” атемала имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә лхы алалырхәит
28 February 2025 153

Жәабран 27 азы Берлин ақалақь аҿы, аполитолог, аҵарауаҩ Александр Рар наԥхгара зиҭо Евразиатәи Аилазаара ааԥхьарала, Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Хьыбла Амиҷԥҳа аусмҩаԥгатә “Украина аҭынчра ашьақәыргыларазы алшарақәа – Трампи Путини рсаммит” лхы алалырхәит.

Аусмҩаԥгатә аҿы ажәахәқәа ҟарҵеит НАТО аинрал Харальд Куиат, ацҳаражәҳәаҩ ԥхьатәа, адоктор Диордь Варга.

Ажәахәқәа рышьҭахь аимак-аиҿак алахәылацәа Америка ахада Дональд Трамп аҭынчразы иплан анагӡара алыршареи Евроеидгыла ари аплан адгылара анаҭои-ианамҭои уҳәа убас егьырҭгьы азҵаарақәа ирылацәажәеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: