Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Пиотр Востоков иџьазтә оркестр Дуи Смоленско-Сеннтәи ашҭаҿы Урыстәыла АдәАР аҩныҳарак аҿы иқәгылеит.
Смоленско-Сеннтәи ашҭаҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра хадаҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Пиотр Востоков напхгара зиҭо аџьазтә оркестр Дуи рконцерт.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа урыстәылатәи адәныҟаполитикатә усбарҭа еицырдыруа ахыбраҳарак аҩныҵҟа лықәгылара раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит.
Амузыкатә хәылԥазы азыӡырыҩцәа иреиуан урыстәылатәи адипломатцәа.
Ҳаҭыр зқәу сасык иаҳасаб ала аконцерт далахәын Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.