Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа рхы аладырхәит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа рхы аладырхәит
31 August 2025 101

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа напхгара зиҭоз Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟаз аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Илиа-иԥа Боциев наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа рхы аладырхәит.

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи аколлективи рыхьӡала Одиссеи Бигәаа Олег Илиа-иԥа иҭаацәеи иҭынхацәеи дрыдашшылеит.

Аԥсыжратә усмҩаԥгатә аҿы ажәахә ҟаҵо, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит "Олег Илиа-иԥа дуаҩыҵәҟьан, изанааҭ идыруан, иԥсҭазаара зегьы хамеигӡарада иус иазкын. Ҳажәларқәа рыбжьара ԥгара зқәым аиҩызареи аиашьареи рырӷәӷәаразы ҿырԥшыс дыҟан.

Олег Илиа-иԥа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни ринтересқәеи ршәарҭадареи рыхьчара ихы-иԥсы зегьы азикит, ари азеиԥш ус аҿы иҟаиҵаз алагала ахә ашьара залшом" ҳәа.

Одиссеи Бигәаа иазгәеиҭеит "Олег Илиа-иԥа ҳгәалашәараҿы наунагӡа даанхоит иҟәышыз, аџьа бзиа избоз, апринципқәа змаз, ииашоу профессионалк иҳасаб ала" ҳәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: