Қырҭтәыла аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе, ООН Ассамблеиа хадаҿы дықәгыло аԥсуааи ауаԥсқәеи «сџьынџьуаа» ҳәа рзиҳәеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе аԥсуааи, ауаԥсқәеи, ақырҭцәеи еиԥшым атәылақәа ишыртәылауаау игәалаиршәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.
Апатын аԥыза-министри Қырҭтәыла иҟоу егьырҭ анапхгаҩцәеи ирхашҭуеит ҳара ҳшеицџьынџьуаам. Ҳара дасу ҳхатәы ҳәынҭқарра ҳамоуп. Тәылак ҳаицалымҵӡеит.
Иара убри аан иара ақырҭуа ԥыза-министр аԥсуааи ауаԥсқәеи хәыда-ԥсада Қырҭтәыла рҽырхәышәтәралци визада Евроеидгылаҟа рцара алшарци иҟаиҵо ажәалагалақәа рыгәра агара уадаҩуп
Ҳара еснагь иаҳҳәо акоуп – ақырҭцәа аԥсуааи ауаԥсцәеи бзианы инхарц рҭахызар раԥхьа иргыланы иҟарҵаша, урҭ адунеи ажәларқәа рылкаара иаҟәыҵроуп.
Иара убасгьы иазгәаҭатәуп Қырҭтәыла иахьазы аус зуа аоккупациатә ҵакырақәа рзы азакәан еиҭахәаԥшыр шакәу, уи Аԥсни аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара ахьыԥнакуазы.
Ақырҭуа политикцәа ражәақәа популизм ҟазшьоуп ирымоу.