Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иахәҭаны иаԥхьаӡоит 1992-1993 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла бџьаршьҭыхлатәи агрессиа амҩаԥгараан, аԥсуа жәлар ирҿагыланы имҩаԥгаз арратә цәгьоурақәа рзы иаартны ииҳәаз инамаданы, уаанӡатәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Қырҭтәыла аҳәынҭминистр Гьаргь Барамиӡе иганахьала ашьаус ахацыркра ахҳәаа аҭара.
Ашьаус ахацыркра ҵаҵӷәыс иаиуит Гьаргь Барамиӡе 1992-1993 шықәсқәа рызтәи ақырҭуа-аԥсуа еимакы ахҭысқәа иаартны рылацәажәараан иҟаиҵаз иҳәамҭақәа. Ари аамҭаантәи атҟәацәа реиҭныԥсахлара атема дазааҭгыло ақырҭуа ган рыруаа реиҭныԥсахлара залшомызт, избанзар аԥсуа тҟәацәа ыҟамызт, аԥсуа тҟәацәа ҳамамызт, избанзар урҭ ҳшьуан иҳәеит. Арҭ аҳәамҭақәа рышьҭахь, Аветеранцәа русқәа рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә маҵзура иҟанаҵаз ааԥхьарала, Қырҭтәыла апрокуратура хада аԥсадгьыл аԥсахреи аиҵаҟьареи рзы ахәҭаҷқәа инарықәыршәаны аусҭҵаара хацнаркит.
Ишаабо ала, иарбоу ашьауӷатә усеилыргара Қырҭтәыла бџьаршьҭыхлатәи агрессиеи уи амҩаԥгараан иҟаҵоу ацәгьоурақәеи иаартны рылацәажәара иазхиоу зегьы рзы гәҽанҵагас аҟалара иазырхоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра акыр шықәса инеиԥынкыланы арҭ ацәгьоурақәа разхаҵареи, ганрацәала рыҭҵаареи, иахәҭоу жәларбжьаратәи-зинтә хәшьара рыҭареи шхымԥадатәиу азы аҳәамҭа ҟанаҵоит.
Ииасыз аамҭа ахҭысқәа конструктивла, ҭакԥхықәрала рызхәыцра ацынхәрас ақырҭуа уаажәларра рыхәҭак иҟарҵаз ацәгьоурақәа мап рыцәкра иаҿуп, аполитикатә интерпретациақәа рыҭаны цәгьацәыԥхамшьарыла ирыԥсахуеит.
Аха аҭоурыхтә ҵабырг зынӡа хашҭшьа амаӡам. Аамҭа цацыԥхьаӡа ахҭысқәа робиективтә хәшьарақәа еиҳа-еиҳа ашьақәырӷәӷәара роуеит, ақырҭуа политикатә елита ахаҭарнакцәагьы налаҵаны, иҟаҵоу агхақәа разхаҵара ишазыхиоу аазырԥшуа ақырҭуа уаажәларра ахәҭак рганахь ала.
Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҿагыланы аибашьра ахацыркреи аԥсуа жәлар ирҿагыланы хыԥхьаӡара рацәала ацәгьоурақәа рымҩаԥгареи рзы аԥсуа ган аҭакԥхықәра зду ҳәа изыԥхьаӡо ахаҿқәа раԥшьгарала Қырҭтәыла апрокуратура хада ашьаус ахацыркразы иаднакылаз аӡбамҭа аполитикатә ҵаҵӷәы шамоу убарҭоп.
Иарбоу аӡбамҭа иҟаз атрагедиатә хҭысқәа ажәашықәсақәа рышьҭахь обиективла рызхәыцреи иҟаҵаз ацәгьоурақәа разхаҵареи ишырзыхиоу аазырԥшуа ақырҭуа уаажәларра рыхәҭак рықәыӷәӷәара аҽазышәара ауп.
Аҭоурыхтә фактқәа иаартны рылацәажәара аԥкразы аҽазышәарақәа ирылшом аҭоурыхтә гәалашәареи иҟаз ахҭысқәа обиективла ахәшьара рыҭареи реиҭакра.
Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа Қырҭтәыла хаз игоу аполитикатә мчрақәа 1992-1993 шықәсқәа рызтәи ахҭысқәа иаартны, ҭакԥхықәрала рызхәыцра ишазыхиам ауп иаанарԥшуа.