Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит
31 January 2017 1299
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Науру Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота азынанашьҭит, Ахьыԥшымра амш инадҳәаланы.

Анотаҟны иҳәоуп:

Иахьатәи амш ду Науру аҭоурых аҟны акрызҵазкуа рыцхәны иҟоуп. Иара ианыԥшуеит шәыжәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рҽазышәара. Агәра хаҳҵоит Науру ԥхьаҟагьы асоциал-економикатә ҿиаразы аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵара амҩа ишықәу. Аԥсны жәлар, зхьыԥшымра акыр уадаҩрақәа ирхыганы ишьақәзырӷәӷәаз гәык-ԥсыкала абри амшныҳәа ду, амилаҭтә ныҳәа шәыжәлар ирыцеиҩыршоит.

Рацәаӡак идуум аамҭала шәаргьы ҳаргьы еицҳалшеит аусеицураҿ аԥышәа шьахә аимдара. Аԥсны жәлар иҳаракны ахә ршьоит ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгылан иҟоу ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьа, ҳаилибакаара. Агәра аагоит ԥхьаҟагьы еицаҳзыманшәалоу аусеицурақәа шымҩаԥаагало ҳажәларқәа рыбзазара бзиазы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: