Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхы иақәиҭу аиқәԥаразы жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II, III аҩаӡара занашьоу Рашь Хәытаба 75-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит

10 February 2026 47

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхы иақәиҭу аиқәԥаразы жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II, III аҩаӡара занашьоу Рашь Хәытаба 75-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:

«Шәара шәыԥсҭазааратә мҩеи шәыспорттә еихьӡара дуқәеи ҳаҭыр ду рықәуп. Шәыхьӡ наунагӡа адунеитә спорт ашықәсынҵа хьтәы нбанла иануп, иалышәхыз аус агәамчи, ахықәкынагӡареи, хамеигӡарада амаҵзуреи ирҿырԥшыганы иҟалеит. Шәиааирақәа аҿар рзы агәацԥыҳәара узҭо хыҵхырҭоуп.

Иахьа шәара ииашаны ахьӡ-аԥша ду шәымоуп. Агәра ганы сыҟоуп шәыԥсҭазааратә ԥышәа беиеи активлатәи шәтәылауаҩратә позициеи аринахысгьы ҳажәлар реизҳазыӷьара ишазкхо».

Олег Барцыц Рашь Хәытаба изеиӷьеишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, ақәҿиарақәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: