"Жәларбжьаратәи аҳәса рымш - Хәажәкыра 8 азы гәык-ԥсыкала адныҳәаларақәа шәыдышәкыл!
Ари ааԥынтәи аныҳәа лаша аԥшӡареи, аҟәыӷареи, аҩныҵҟатәи амчи ирсимволуп.
Ианакәызаалакгьы аҳәса ауаажәларраҿы ароль ҷыда нарыгӡон. Аԥсны аҭоурых аҳәса рхамеигӡареи рымчи рҿырԥштәқәа маҷымкәа иадыруеит. Шәара гәымшәарыла, уаҩ иимбац ахачҳара аашәырԥшуан 1992-1993 шш. раантәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан, анаҩс иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа раангьы аԥышәара хьанҭақәа шәырхысит.
Иахьатәи ҳаамҭазы шәџьабааи, шәҭакԥхықәреи, шәус гәык-ԥсыкала азыҟазаареи ирыбзоураны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы алҵшәа дуқәа аашәырԥшуеит. Убри аан шәара аҭаацәаратә малқәа шәреиҷаҳауа иҵәахны ишәымоуп, ишәзааигәоу шәыԥхарра рыдышәҵоит.
Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, анасыԥ, аҭынчра. Ес-мшы агәырӷьареи, алшара ҿыцқәеи, аихьӡарақәеи шәзааргалааит.
Жәларбжьаратәи аҳәса рымш шәадныҳәалаз!