Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба усуратә визитла Москваҟа дцеит.
Жьҭаара ԥшьба рзы Сергеи Шамбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥгахоит. Иҟалараны иҟоу аиҿцәажәарақәа раан аминистрцәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәоит.
Иара убас, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви х-ганктәи реиԥылара мҩаԥгахоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба усуратә визитла Москваҟа дцеит
3 October 2024 373