Ажәабжь ҿыцқәа

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит 2018 шықәса хәажәкыра 27-28 рзы. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла , Урыстәыла, ЕАШ (США) рхаҭарнакцәа, ООН, ОБСЕ, ЕС рҟынтәи ацхантәаҩцәа.
26 March 2018 811 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит
23 March 2018 1153
Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқаррахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵара 25 шықәса ахыҵра инамаданы Ахантәаҩы Беслан Дбар идиныҳәалеит.
23 March 2018 1363 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит.
16 March 2018 837
Алекциа «Аԥсуа бызшәа Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рсаркьак аҳасабала» мҩаԥысит хәажәкыра 14, Берлин иҟоу адунеи абызшәақәа Рмузеи аҟны. Алекциа даԥхьеит ФРГ иҟоу Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.
15 March 2018 1415 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
7 March 2018 1081 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь, урыстәылатәи атранспорттә ҳаирплан АН-26 аҭахара инадҳәаланы. Аҳаирплан иҭаз 33-ҩык апассаџьырцәеи 6-ҩык аҳаирплан аекипажи ҭахеит.
6 March 2018 797
Хәажәкыра 1 2018 шықәса рзы Москва имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рхаҭарнакцәа: Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Григори Карасини Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи реиԥылара.
28 February 2018 1429
Жәабран 27 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистрДаур Ақаҩбеи Еидҵоу амилаҭқәа реилазаара арегионалтә ҳәаақәҵаҩ Нильс Скотти, Аԥсны иҟоу ПРООН апрограмматә офис ахада Нильс Скотти реиԥылара.
18 February 2018 876 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы ашьҭит Аԥсылмантә республика Иран Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь апровинциа Исфахан аҟны иҟалаз арыцҳара инадҳәаланы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: