Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аусуратә ныҟәара мҩаԥигеит Гал араион ахь.
Аныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит араион ахада Константин Ԥлиа иԥылара, уи аан ирылацәажәан аинырра актуалтә зҵаарақәа, Гал араион ауааԥсыра аконсултә маҵзурақәа рыҭара аусхкгьы уахь иналаҵаны.
Олег Барцыц иара убасгьы даҭааит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Егры», уаҟа еиликааит уи аусура шцои аҭагылазаашьеи.
Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убасгьы имҩаԥысит ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи Рмеханизм (МПРИ) аиҭарҿыцра, иара убас иарбоу азҵааразы анаҩстәи аинырра аԥеиԥшқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара.