Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Алеқсеи Двинианин дидикылеит

Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Алеқсеи Двинианин дидикылеит
15 May 2018 831
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс  Алеқсеи Двинианин иҟалараз 2018 шықәса хәажәкыра 30 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла Ахада Владимир Путин. Лаҵара 14 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц  Алеқсеи Двинианин дидикылеит агәраргагатә шәҟәыбӷьыцқәа реимдаразы.

Лаҵара 14 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц  Алеқсеи Двинианин дидикыло дидныҳәалеит, агәыӷрагьы ааирԥшит  иара абри аҩыза аҭыԥ ҳаракаҿ иҟазаара аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиаразы хра аманы иҟалап ҳәа дшахәаԥшуа.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс  иҟалаз Алеқсеи Двинианин Даур Ақаҩба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, агәрагьы ииргеит Урыстәыла Ахада Владимир Путин  иқәиргылаз  адҵақәа рынагӡаразы илшо зегьы шыҟаиҵо.
«Сара агәра згоит ҳажәларқәеи ҳҳәынҭқаррақәеи ԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа шрымоу. Аус ааулоит ҳтәылақәа рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны» ҳәа азгәеиҭеит Алеқсеи Двинианин.

Даур Ақаҩбеи Алеқсеи Двинианини ргәаанагарақәа еимырдеит ҩ-ганктәи аусеицуразы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: