Ажәабжь ҿыцқәа

12 October 2018 585
«Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы» Акт ареспублика Апарламент аҿы ирыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 12 рзы. Жәлар Реизараҿ адокумент рыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы имҩаԥгаз азеиԥшмилаҭтә референдум ашьҭахь.
Ахаша, жьҭаара 3 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоевы еиԥылеит. Аиԥылара ихы алаирхәит Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама ахада аб Виссарион Аԥлиа.
30 September 2018 655
Цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭон Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 25-шықәса ахыҵра.
28 September 2018 1211
Қырҭтәыла аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе, ООН Ассамблеиа хадаҿы дықәгыло аԥсуааи ауаԥсқәеи «сџьынџьуаа» ҳәа  рзиҳәеит
25 September 2018 1524
Қырҭтәыла аԥыза-министр Мамука Бахтаӡе ООН амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш диԥылеит. Аиԥылараҿы ирылацәажәан Женеватәи аиҿцәажәарақәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш, арегион аҿы аҭагылазаашьа.
22 September 2018 625 Анотақәа
Ирантәи ақалақь Ахваз аҿы аҭыԥ змаз атеррористтә акт инадҳәаланы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Аислам Республика Иран Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь.
2018 шықәса цәыббра 20 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Тоиво Клаари, Джихан Султаноглуи, Рудольф Мичалкеи рԥылара. Даур Ақаҩба идикылеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа ҿыцқәа—ООН ахаҭарнак Џьихан Султаноглуи ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Рудольф Мичалкеи.
14 September 2018 683 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Ахьыԥшымра амш  инамаданы
13 September 2018 656 Анотақәа
Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аҩҳәынҭқаррак адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 10-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит.
13 September 2018 768 Анотақәа
Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аҩҳәынҭқаррак адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 10-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: