Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аиԥылара мҩаԥысит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аиԥылара мҩаԥысит
6 February 2018 889
Аԥснытәи аделегациа алахәуп Науру ахьыԥшымра 50-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуаз аныҳәатә уснагӡатәқәа.Ажьырныҳәа 31 рзы, Аделегациа Науру рыҟазаараан Аԥсны Жәлар Реизареи Науру Апарламенти рыбжьара апарламентбжьаратә еиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩын.

Аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Саид Ҳаразиеи Науру Апарламент аиҳабы Сирил Бурамани.

Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа.
Саид Ҳаразиа иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Науруи рыбжьара ганрацәалатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара аҭахны ишыҟоу. Инаҵшьны иазгәеиҭеит апарламентбжьаратә усеицура аиқәыршәара аусхк аҟны аԥышәа аимдара аҵакы дуны ишыҟоу.

Науру Апарламент аиҳабыСирил Бураман аԥсуа делегациа алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит уахь рнеиразы, иазгәеиҭеит анапы зҵарҩыз Аиқәышаҳаҭра аҳәынҭқаррақәа аҩба рыбжьара аилибакаареи аусеицуреи ԥхьаҟагьы рырҿиараҿы изаамҭанытәиу шьаҿаны иҟалап ҳәа агәрагара шимоу.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: