Хәажәкырамза 12, 2026 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәбеи Аԥсны Ауаажәларратә палата еиҿнакааз Аграждантә форум «Адиалог. Ақәшаҳаҭра. Аҿиара», иалахәуп.
Афорум аусура ихы алаирхәуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла ауаажәларратәи аполитикатәи ҿиара иадҳәалоу, актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәоит.