Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Кавказнҭыҵтәи аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсны аделегациа анаԥхгаҩы, аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Одиссеи Бигәаа иофициалтә хҳәаа

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Кавказнҭыҵтәи аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсны аделегациа анаԥхгаҩы, аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Одиссеи Бигәаа иофициалтә хҳәаа
11 August 2025 232

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Кавказнхыҵтәи аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсны Аделегациа аиҳабы, аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Одиссеи Бигәаа Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иҳәамҭазы иҟаиҵаз аофициалтә хҳәаа.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Кобахиӡе Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи рганахь ала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мап ацәкны иҟаиҵаз аҳәамҭа, Қырҭтәыла аиҿцәажәара ишазыхиам шьақәнарӷәӷәоит.

Ҳара зынӡаск мап ацәаҳкуеит Қырҭтәыла ах ианархәо атерминқәа “аоккупациа”, “асепаратисттә регионқәа” реиԥш иҟоу.

Аԥсны, 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ашьҭахь ажәлар ргәазыҳәара инақәыршәаны ихьыԥшыму, зхы иақәиҭу ҳәынҭқарроуп.

Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқаррабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рышьаҭала ҳшәарҭадара хәдықәҵара азнауеит, жәларбжьаратәи азин анормақәа ирықәшәо.

Қырҭтәыла жәашықәсала “ҭынч мҩала аҵакыратә акзаара аиҭашьақәыргылара” ҳәа ареторика ахы ианархәоит, уи иаанагоит – мчыла Аԥсны архынҳәра. Иаҳгәалаҳаршәап, 1992 шықәсазы аибашьра иалагаз, агуманитартә рыцҳарахь иназгаз Қарҭ шакәу.

Иахьа Кобахиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭақәа Қырҭтәыла азакәанԥҵараҿы иарбоу ареваншизм аполитикоуп («Аоккупациа зызуу аҵакырадгьылқәа рзы» Аконституциатә Закәан ахәҭаҷ 3).

Аԥсни Урыстәылеи азинтә ҭакԥхықәра змоу аусшәҟәы азы иҟарҵо адҵа аҭышәынтәаларазы иреиҵаӡоу гарантиоуп. Қырҭтәыла ас еиԥш аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мап ахьацәнакуа иаанагогьы Қарҭ амч ахархәара политикатә инструмент аҳасабала ишахәаԥшуоуп. Уи шьақәдырӷәӷәоит аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рмилитаризациеи Қырҭтәылеи НАТО-и рырбџьармчқәа иааиԥмырҟьаӡакәа еицымҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәеи. Аиҿцәажәарақәа храда рыҟазаара мзызс иамоу Урыстәылеи Аԥсни рпозициа акәӡам, уи азҵаара Қырҭтәыла алацәажәара ахьаҭахым ауп, амч ахамырхәара азиншьаҭа аҭаны ашьақәырӷәӷәара мап ахьацәнакуоуп.

Қарҭ, 1990-тәи ашықәсқәа рзы аҭыԥ змаз амилаҭтә рықәгаразы аҭакԥхықәра иақәшаҳаҭымкәа, ахҵәацәа рырхынҳәра алацәажәара адҵа ҟаҵо аҭагылазаашьа аиӷьтәра иаԥырхагахоит.

"Иалгам ар" рыӡбахә акәзар – иҩбоу стандартуп. Аԥсны Урыстәылатәи арратә обиектқәа рыҟазаара ҩганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рыла ишьаҭаркуп, Қырҭтәыла имҩаԥнаго агрессивтә политика иаҭакуп. «Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа» ракәзар, урҭ Аԥсны рыҟазаара алыршахоит Қырҭтәыла Аԥсны асуверенитет аназхаҵалак, Аԥсны адунеи зегьы аҟынтәи аҭахкаара иадҳәалоу аполитика анааннакылак ашьҭахь.

Кобахиӡе Аҟәеи Цхинвали рацәажәара мап ахьацәикуа Қырҭтәылатәи адипломатиа алҵшәа шамам арҵабыргуеит. Кавказ аҭынчра ашьақәыргылара залшом Урыстәыла бжьаҟазас иҟаҵаны Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Қырҭтәылеи рыбжьара ишиашоу аиҿцәажәарақәа мҩаԥымскәа. Қарҭ аиаша мап ацәнакуанаҵы, аҭоурых мап ацәнакуанаҵы, аиҿцәажәарақәа рзы ԥеиԥш зыҟалаӡом.

2008 шықәса нанҳәамзазы ҳаиашьаратә Аахыҵ Уаԥстәыла зықьҩыла атәылауаа агәырҩа рзаанагаз амш аҽны Кобахиӡе ииҳәаз ажәақәа цәырԥхашьагоуп!

Аԥсны Аҳәынҭқарра аконструктивтә диалог азы иаартуп, аха аиқәшаҳаҭреи аиҟарареи рышьаҭала мацара.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: