Жьҭаара 1 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылараан, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара 2026-2027 шықәсқәа рзтәи Аконсультациақәа рыплан рнапы аҵарҩит.
Аконсультациақәа рыпланабарҭ атемақәа аҵанакуеит: аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу актуалтә зҵаарақәа, аҩганктәи аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа аҿиара; Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рдәныҟаполитикатә усураз аинформациатә мҩангара; еицырзеиԥшу аҭҵаарадырратәи апрактикатәи семинарқәа, аконференциақәа, астол гьежьқәа реиҿкаара; акультуратәи аспорттәи усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ацхыраара.