Олег Барцыц, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ ахь инеиразы, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев изааишьҭыз адныҳәалара ҭабуп ҳәа ахҳәаауа ашәҟәы изыишьҭит.
Ашәҟәы атекст аҿы, ҷыдала, иазгәаҭоуп:
«Ҳара ҳҳәынҭқаррақәеи ҳажәларқәеи шәышықәсала реимадара аиашьареи, аиҩызареи, аҳаҭыреиқәҵареи, аицхыраареи шьаҭаны ирыманы иҟоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи рыбжьара аусеицура иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы иҟоуп. Ҳаҭыр зқәу Ахсар Мураҭ-иԥа, шәареи ҳареи ҳаинырра абзоурала, ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа еиҳагьы иӷәӷәахоит ҳәа агәрагара сымоуп».