Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иазгәаҭоуп:
“Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә ныҳәамш!
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, амч-лшара, аҭакԥхықәра ду зцу шәдипломатиатә усураҿы ақәҿиара ҿыцқәа.
Шәара шәзанааҭтә мҩа атәыла гәык-ԥсык ала амаҵ ауреи адипломатиатә ҟазара аҩаӡара ҳаракқәеи ирҿырԥшыгоуп.
Хазы иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы шәлагала ду.
Адәныҟатәи аполитикатә усбарҭақәа рыбжьара ишьақәгылан иҟоу ганрацәалатәи адиалог – еицырзеиԥшу аԥшьгамҭақәа рынагӡареи аҩганктәи аусеицура арӷәӷәареи рзы ишьаҭа ӷәӷәаны иҟоуп”.