Олег Барцыц А.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №2 аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит

Олег Барцыц А.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №2 аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит
22 May 2025 60

Ҳазҭоу ашықәс лаҵара 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц А.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ даҭааит, аушьҭымҭацәа ашкол аҿы рҵара ахыркәшара рыдиныҳәалеит.

Иара иазгәеиҭеит “шәыԥсҭазаараҿы даара акыр зҵазкуа, аинтерес зҵоу аамҭақәа шәзыԥшуп, уи – еицырдыруа, хьӡызмоу, А.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол No2 иамоу аҵарадырра аҩаӡара ҳарак шьақәнарӷәӷәароуп” ҳәа.

Аушьҭымҭацәа ақәҿиарақәа рзеиӷьашьаны, Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада иазгәеиҭеит “ақәҿиара – еснагь аҽазышәара зуа, ԥхьаҟа мацара ицо, иазыҟаҵоу, аиҳабыратә абиԥара ргәалашәара ҳаҭыр ақәызҵо, ақәҿиара ҿыцқәа раарԥшра згәы азыҳәо шаԥшаауа”.

Аминистр аушьҭымҭацәа аихьӡара дуқәа рзеиӷьашьо иҳәеит иҿыцу, аинтерес зҵоу аартрақәа шырзыԥшу азы агәрагара шимоу.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: