Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭахь днеит, уаҟа Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али диԥылеит, егьырҭ Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа русура шымҩаԥысуа еиликааит.
Аиԥылараҿы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ аминистр изеиҭеиҳәеит Ацҳаражәҳәарҭа аусура атәы.
Олег Барцыц Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә хаҭарнакра имҩаԥнаго Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиареи аринахысгьы рырӷәӷәареи рзы акыр зҵазкуаны иҟоу аусура аҵак ду шамоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аминистр иҳәеит адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи аринахысгьы Шьамтәыла иҟоу Ацҳаражәҳәарҭа аусура ҷыдала ахшыҩзышьҭра шарҭало.