Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 32 шықәса ахыҵра иазкны иҟаиҵаз адныҳәалара

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 32 шықәса ахыҵра иазкны иҟаиҵаз адныҳәалара
17 May 2025 48

Иахьа, ҳара, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 32 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит. Аминистрра аԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Владислав Григори-иԥа Арӡынба, 1993 шықәса лаҵарамза 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩык иҳасаб ала.

Аԥсуа дипломатиа зегь реиҳа иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа раан ишьақәгылеит. Аибашьра аамҭақәа раан ҳдипломатиатә маҵзура ауасхыр шьҭаҵан, атрадициақәа шьақәыргылан. Аибашьра ашьҭахьтәи иуадаҩыз аамҭақәа раан акәзар, Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив ауадаҩрақәа маҷымкәа ишыҟазгьы, Ҳаԥсадгьыл амилаҭтә интересқәа ахьчон.

Аԥсуа дипломатиа 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы аҩаӡара ҿыц ахь ихалеит, Урыстәылатәи Афедерациа, Еиду Амилаҭқәа Реидгыла атәыла-лахәылақәа зегь раԥхьа, Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасаб ала ианазханаҵа ашьҭахь.

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аппарати адәныҟатәи аусбарҭақәеи русзуҩцәа еснагьгьы хшыҩҵакык еиднакыло профессионалтә гәыԥны иҟан. Иахьа, иҳамоу алҵшәақәа инарықәыршәаны, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа хра рыманы рыӡбаразы иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳуалԥшьоуп.

Хазы, Аԥсны адипломатиатә маҵзура аветеранцәа, уаанӡа адипломатиатә усхк аҿы аус зуаз, ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп рықәҿиарақәеи русуреи рзы, рдырреи рԥышәеи ҳусзуҩцәа ҿарацәа иахьрымардо азы.

Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, Аппарат Хадеи адәныҟатәи аусбарҭақәеи русзуҩцәа, акыр зҵазкуа ари амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит аҭынчреи, аизҳазыӷьареи, ақәҿиарақәеи.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: