Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны АдәАР аусзуҩцәеи аветеранцәеи ирыдиныҳәалеит аусбарҭа ашьақәгылара 33 шықәса ахыҵра

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны АдәАР аусзуҩцәеи аветеранцәеи ирыдиныҳәалеит аусбарҭа ашьақәгылара 33 шықәса ахыҵра
17 May 2026 45

Лаҵарамза 17, 1993 шықәса рзы «Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵаразы» Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵара рыдыркылеит, уи инапы аҵаиҩит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба. 

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан адипломатиатә маҵзура ауасхыр азышьҭаҵан, уи апринципқәеи, атрадициақәеи, ашьҭреимдареи шьақәыргылан.

Арҭ аамҭа хьанҭақәа раан Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа хацәынмырха Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа ирыдгылон, ҳтәыла жәларбжьаратәи апозициақәа дырӷәӷәон.

Аԥсуа дипломатиа ахы ыҵнахуан, иҿион иуадаҩыз аҭоурыхтә ҭагылазаашьақәа раан, алҵшәа бзиақәагьы маҷымкәа иаиуит.

Урҭ рахьынтәи ихадоу — нанҳәамза 2008 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала азхаҵароуп. Ари ахҭыс жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи ҳҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика арӷәӷәареи рзы алшара ҿыцқәа аанартит. Уи инашьҭарххны Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала егьырҭ атәылақәа жәпакы иазхарҵеит.

Иҷыдоу ажәақәа расҳәар сҭахуп Аԥсны адипломатиатә маҵзура аветеранцәа, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асистемаҿы аус зуаз зегьы. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәзанааҭ гәык-ԥсыкала шәахьазыҟоу, аԥсуа дипломатиа ашьақәгылареи аҿиареи рҿы шәлагалаз, аԥсуа дипломатцәа рабиԥара ҿа ирышәҭоз адырреи аԥышәеи рзы.

Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа, иҟоу алҵшәақәеи ирҳау аԥышәеи рышьаҭала аминистрра аринахысгьы аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа хра аланы рыӡбареи, ареспублика аинтересқәа жәларбжьаратәи аренаҿ рцәыргареи азгәаҭаны иҳамоуп.

Ҳаҭыр зқәу адипломатиатә маҵзура аветеранцәа, аппарат Хадеи аҳәаанырцәтә усбарҭақәеи русзуҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра шәыдысныҳәалоит. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, абзанхара, аихьӡара ҿыцқәа, аҩаӡара харақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьаразы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: