Сергеи Шамба иира Амш идырныҳәалоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив

Сергеи Шамба иира Амш идырныҳәалоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив
15 March 2025 35

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба имшира идырныҳәалеит.

«Шәара шәдипломатиатә усура еснагь Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҿы иааннакыло аҭыԥқәа рыхьчареи ԥхьаҟа ргареи ирызкын. Шәыԥсадгьыл аизҳазыӷьаразы ааԥсара зқәым шәџьабааи иалышәхыз амҩа гәыкала шәазнеиреи аҳаҭырқәҵара ду узцәырыргоит.

Шәара ахаангьы адипломат изы акыр зҵазкуа аҟазшьақәа шәымоуп: гәыкала Аԥсадгьыл амаҵ аура, аԥшьгамҭақәа рымазаара, амилаҭтә интересқәа ӷәӷәала рыхьчара.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторк иҳасаб ала акәзаргьы ҳтәыла аҭҵаарадырра аҿиараҿы шәлагала дууп. Шәара шәоуп VI ашәышықәса инаркны VIII ашәышықәса аҟынӡа Аԥсны аҭоурых азы амонографиа зҩыз, анумизматикатә материал беиа ду ҭзыжьыз.

Ҳаҭыр зқәу Сергеи Мирон-иԥа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, инымҵәаӡо амч-алшара, ақәҿиара ҿыцқәа!»

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: