Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа адипломат ҿарацәа VIII Евразиатәи Рфорум рхы аладырхәуеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа адипломат ҿарацәа VIII Евразиатәи Рфорум рхы аладырхәуеит
3 October 2024 249

Жьҭаара 1 инаркны 4 рҟынӡа Москва ақалақь аҿы “Абиԥара ҿыц” апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит VIII-тәи Евразиатәи адипломатцәа ҿарацәа Рфорум.

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломат ҿарацәа Рхеилак анапхгара ааԥхьарала, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Викториа Маланиаԥҳа, аминистрра Аппарат аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алиса Барзаниаԥҳа, аконсултә Департамент ареферент Даниела Инарԥҳа Афорум рхы аладырхәуеит.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит 30-ҩык рҟынӡа адипломат ҿарацәа Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа раппарат Хадақәа рҟынтәи, иара убас аҭынчреи аиҩызареи ридеиақәа еидыркыло, Москва аккредитациа змоу аҳәаанырцәтәи амиссиақәа рхаҭарнакцәа.

Афорум ибеиоу ааимак-аиҿактә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, алахәылацәа зеиԥшыҟам аҭагылазаашьа роуеит Евразиа аҵакыра-тәылақәа рҟынтәи згәаанагара еиԥшу ауаа рԥылареи, ргәаанагарақәеи рԥышәақәеи римдареи, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи рзы.

Хықәкыла, “Евразиатәи аҵакыраҿы аҿар русеицура” ҳәа хьӡыс измоу асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан аҟазауаа ҿарацәа реимадаразы иҟалар зылшо аформат ҿыцқәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: