Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Вальдрак Џьентск Уитакер Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иалхра идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иарбоуп:
«Агәра згоит шәыпрофессионализм, шәҟазара ҳарак, шәԥышәа ду ԥхьаҟагьы Ареспублика Никарагуа жәларбжьаратәи аренаҿы апозициақәа рырӷәӷәаразы шәусура ишазырхахо.
Ахәшьара ҳарак асҭоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгылоу аиҩызаратә, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа. Агәрахаҵара сымоуп ҳара ԥхьаҟагьы ҩ-ганклатәи ҳусеицура, ҳастратегиатә еизыҟазаашьақәа аҿиара шроуазы. Ари ҳәарада аиҩызаратә жәларқәа рзы аманшәалара амазаауеит».