Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи жәеиза шықәса аҵра инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Масис Маилиани аминистрра аилазаареи рахь адныҳәаларатә шәҟәы наишьҭит Ареспублика 28 шықәсазтәи Амшныҳәа инадҳәаланы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Витали Игнатьеви аминистрра аилазаареи рахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ареспублика Амшныҳәа инадҳәаланы.
Нанҳәа 13 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа дидикылеит Адомино азы Жәларбжьаратәи Афедерациа ахада Лукас Гиттард.
14 August 2019 788
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амш аҽны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны иҟоу Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Нанҳәамза 8 рзы, жәеиза шықәса раԥхьа Аладатәи Уаԥстәыла Ареспубликаҿы излагаз аибашьра амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысыз агәаларшәагатә усмҩаҧгатә мҩаԥган.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит ареспублика аганахь ала Қырҭтәыла агрессиа амҩаԥгара 11 шықәса ахыҵра амш аҽны.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраагәҭынчымра азцәырнагоит Қырҭтәыла аҵакыраҿы имҩаԥысуа милаҭрацәалатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit 2019. Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ԥхынгәы 27 рзы, ихыркәшахоит нанҳәа 9 рзы.