Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәбеи Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак, Аднан Мендерес ихьӡ зху ауниверситет (Ҭырқәтәыла) адоцент Ельчин Аӡынԥҳаи реиԥылара мҩаԥысит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәбеи Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак, Аднан Мендерес ихьӡ зху ауниверситет (Ҭырқәтәыла) адоцент Ельчин Аӡынԥҳаи реиԥылара мҩаԥысит
5 February 2026 61

2026 шықәса жәабран 5 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр инапынҵақәа назыгӡо, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәбеи Ҭырқәтәылантәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак, Аднан Мендерес ихьӡ зху ауниверситет (Ҭырқәтәыла) адоцент Ельчин Аӡынԥҳаи реиԥылара.

Аиԥылара рхы аладырхәит: Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәеи Африкеи Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа, Мрагылара Ааигәеи Африкеи Рдепартамент ареферент еиҳабы Аида Ҭыжәԥҳа, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Алиас Асабуа.

Аиԥылараан еиҳарак хшыҩзышьҭра аҭан Женева имҩаԥысуаз амилаҭ маҷқәа рызҵаарақәа рзы ООН Афорум 18-тәи асессиаҿы Ельчин Аӡынԥҳа – ԥымкрада аныҟәареи аԥсуа милаҭтә тәылауаҩшәҟәы азхаҵара алыршареи рыпроблема иазкны лықәгылара.

Иракли Ҭыжәба инаҵшьны иазгәеиҭеит Ельчин Аӡынԥҳа акрызҵазкуа ари жәларбжьаратәи афорум аҟны лықәгылара ишалнаршаз Аԥсны аобиективтә позициа жәларбжьаратәи аилазаара ахаҭарнакцәа рҿаԥхьа ацәыргара. Ари ақәгылара Аԥсны ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ҳәа иҳәеит иара.

«Шәара шәықәгылара Аԥсны арезонанс ҭбаа цәырнагеит – уи збаз, ахәшьара азҭаз рацәаҩуп. Ҳара агәахәара ҳнаҭеит ҳџьынџьуаа асеиԥш акрызҵазкуа жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәыр ахьрылшо, ҳреспублика аинтересқәа ҵаҵӷәыркны рыхьчара ахьрылшо», ҳәа азгәеиҭеит Ҭыжәба.

Иракли Ҭыжәба иара убасгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥсуа милаҭтә тәылауаҩшәҟәқәа рхархәарала аныҟәара ахақәиҭра апроблема иааиԥмырҟьаӡакәа ишышьҭырхуа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы, иҳәеит урҭ аиҿцәажәарақәа Аԥсны апозициақәа рыхьчара ахьалшо жәларбжьаратәи плошьадка заҵәыкны ишыҟоу.

Аиԥылараан Иракли Ҭыжәба Ельчин Аӡынԥҳа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ихьӡала аџьшьаратә шәҟәы ланеишьеит.

Ҭыжәба иара убас Ельчин Аӡынԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа рзы аворкшоп ахьымҩаԥылгаз азы ҭабуп ҳәа леиҳәеит. «Ҳастудентцәа рзы имҩаԥыжәгаз аусуразы ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит.

Уи акырӡа аҵанакуеит, избанзар ас еиԥш иҟоу аформатқәа ҳҿар ООН аусура инарҵауланы аҭҵааразы алшара рнаҭоит, ари жәларбжьаратәи аиҿкаара иамоу амеханизмқәа инарҭбааны рбара иацхраауеит», — иҳәеит иара.

Ельчин Аӡынԥҳа аԥсуа студентцәа иаадырԥшыз активра ҳараки жәларбжьаратәи азинхьчаратә усура иадҳәалоу азҵаарақәа рыҭҵаара ахьырҭахызи гәахәарыла ишџьалшьаз азгәалҭеит.

Лара иара убасгьы еиҭалҳәеит, Женева имҩаԥысуаз амилаҭ маҷқәа рызҵаарақәа рзы ООН Афорум 18-тәи асессиаҿы лықәгылара атәы. Хаҭала, афорум алахәхаразы ихымԥадатәиу, еиуеиԥшым аҽазыҟаҵаратә етапқәа ртәы лҳәеит, аԥсуа жәлар ринтересқәа жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы хра рыманы раарԥшра иҵегьы адгылареи акоординациеи шаҭаху инаҵшьны иазгәалеиҭеит.

Аиԥылара алахәылацәа иара убасгьы ирылацәажәеит аԥсуа жәлар рзинқәа раларҵәареи аԥсуа експертцәа еиуеиԥшым жәларбжьаратәи афорумқәа рылахәхара арҭбаареи рызҵаарақәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: