Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дырԥылеит Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа анапхгаҩы Алиса Гыцԥҳаи Никарагуатәи Афонд «Инканто» ахапаҳәаҩы Катерин Веласкеси

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дырԥылеит Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа анапхгаҩы Алиса Гыцԥҳаи Никарагуатәи Афонд «Инканто» ахапаҳәаҩы Катерин Веласкеси
21 October 2025 117

2025 шықәса жьҭаара 21 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа «Амузыка – дгьыли ҳәааи зыбжьам адиалог» адиректор Алиса Гыцԥҳаи Никарагуатәи Афонд «Инканто» (Никарагуатәи авокал аинститут) ахапаҳәаҩы Катерин Веласкеси дырԥылеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Никарагуеи рыжәларқәа реиҩызареи реилибакаареи рырӷәӷәараҿы акультуратә еимадарақәа рҵакы шдуу.

Уи аҟәандара аҵаҵаны дырзааҭгылеит ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымзазы Аԥснытәи аделегациа Никарагуа рыҟазаара, Никарагуа анапхгаҩцәа рҟынтәи аделегациа ирзыҟаҵаз аиашьаратә дкылара.

«Иахьа атеатр «Инканто» Афонд ахаҭарнакцәа Аԥсны иахьыҟоу агәахәара ду ҳнаҭоит.

Ҳаигәырӷьоит иахьа аиашьаратә Никарагуеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа асеиԥш аҵакы рыҭара ахьҳалшо. Ари, зегь раԥхьаӡа иргыланы, иҳараку аҟазара ауп. Уи, аҩ-тәылак рыжәларқәеи ркультурақәеи реизааигәатәраҿы ихадоу акоуп. Ԥхьаҟагьы, Никарагуеи егьырҭ аҩыза-ҳәынҭқаррақәеи ҳареи ҳабжьара аусеицура аҿиара арӷәӷәара ҳҽазаҳшәалоит», - ҳәа азгәеиҭеит Олег Барцыц.

Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа акультуратә ԥшьгамҭақәа рзы Аҳәынҭқарра ахада ифонди рыцхыраарала имҩаԥысуа ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа аҳәынҭқаррабжьаратәи усеицура арӷәӷәараҿы алагала ду шыҟарҵо. Олег Барцыц ҭабуп ҳәа леиҳәеит Алиса Гыцԥҳа Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа аиԥш иҟоу акыр зҵазкуа акультуратә усмҩаԥгатә аиҿкааразы.

Катерина Веласкес илыҭаз адкыларазы ҭабуп ҳәа лҳәеит, иара убасгьы инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсны аҟазаара гәахәараны ишылзыҟалаз, аицлабра алахәхара лара лзы хаҭалатәии занааҭтәии ԥышәа дуны ишыҟалаз.

«Сара ари даара акыр зҵазкуа шьаҿоуп, ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы ацхыраара ҟанаҵоит ҳәа иазысыԥхьаӡоит. Ара сыҟазаара, хаҭала сара сзы мацара акәымкәа, аҳаҭырқәҵареи аиҩызареи рдыргак аҳасаб алагьы акырӡа аҵанакуеит», ҳәа лҳәеит Веласкес.

Алиса Гыцԥҳа аицлабра аетапқәа зегьи, аҳамҭақәа ранашьара ацеремониеи, жьҭаарамза 23 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысраны иҟоу аиааира згаз рзы агала-концерти ртәы далацәажәеит. Лара ҭабуп ҳәа лҳәеит Адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи адәныҟатәи аусқәа рминистри иҟарҵаз адгыларазы, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Акультуратә ԥшьгамҭақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада ифонди иҟарҵаз ацхырааразы.

Аиԥылара алахәылацәа ҭабуп ҳәа иарҳәеит ИАЕ «А-Мобаил» адиректор хада Борис Барцыц никарагуатәи ашәаҳәаҩ Катерина Веласкес Аԥсныҟа лаара аиҿкаараҿы афинанстә цхыраара ахьыҟаиҵаз азы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: