Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа истатиа. ИА "АԤСНЫПРЕСС" (АРЕСПУБЛИКАТӘ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УСБАРҬА "АԤСНЫМЕДИА")

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа истатиа. ИА "АԤСНЫПРЕСС" (АРЕСПУБЛИКАТӘ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УСБАРҬА "АԤСНЫМЕДИА")
10 December 2025 54

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа истатиа. ИА "АԤСНЫПРЕСС" (АРЕСПУБЛИКАТӘ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УСБАРҬА "АԤСНЫМЕДИА")

«Ауаҩы изинқәа рзы азеиԥш декларациа»: зыҩаӡараҟынӡа узымнеиуа идеалу, иахьатәи аамҭаз зыда ԥсыхәа ыҟам ҭаххароу?

77 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 10, 1948 шықәса рзы, Париж, Еиду Амилаҭқәа Реидгыла Ассамблеиа Хада аҭоурыхтә документ — Ауаҩы изинқәа рзы азеиԥш декларациа аднакылеит. Уи аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан аҭыԥ змаз, зеиԥш ҟамлац ахлымӡаахқәеи аварвартә актқәеи жәларбжьаратәи аилазаара ирзыҟанаҵаз ҭакын, ахақәиҭреи, аиашареи, азеиԥшҭынчреи рышьаҭақәа наунагӡа рышьақәырӷәӷәара иазырхан. Иахьа, ауаҩы изинқәа Рымш аҽны, еиҳарак иҵарны иқәгылоит азҵаара: ирцәынхазеи урҭ аидеал ҳаракқәа иахьатәи ҳаамҭазы?

Адекларациа, Елеонора Рузвельт лхантәаҩрала ЕАР ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Акомиссиа ҷыда ҩышықәса аџьабаа ду здырбалаз аусура иалҵшәахеит. Аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны, ажәларқәа зегьы рзы иаку астандарт шьақәыргылан, ауаа зегьы еиԥшымзаарак рымамкәа, рхы иақәиҭны, рзинқәа еиҟараны ииуеит ҳәа рыланаҳәон.

Адокумент ахәҭаҷқәа 30 ишьақәдырӷәӷәеит аграждантә, аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә зинқәа жәпакы.

Урҭ рыбжьара ихадоу принципқәоуп –аԥсҭазаареи, ахақәиҭреи, хаҭалатәи акьымсреи рзы азинқәа, атәреи аргәаҟреи раԥырҟәҟәаара, ахәыцреи, аламыси, аҭынч еизарақәеи, аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рзы азинқәа.

Адекларациа адкылара ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит, «аидгылареи аиашьареи иашаҵәҟьақәа» рактк аҳасаб ала иаԥылеит. Аамҭақәак рышьҭахь, 1950 шықәсазы, ари ахҭыс аҳаҭыр азы, ԥхынҷкәын 10 аҽны, иаԥҵан есышықәсатәи жәларбжьаратәи аныҳәа — ауаҩы изинқәа Рымш.

Аха иахьа, акыр жәашықәса рышьҭахь, Адекларациа ихадоу апринципқәа иаахжәаны ирыӷрагылоит. Ауаҩытәыҩса иаҳаҭыри идоуҳатә мазарақәеи рыкәша-мыкәша аҽеидкылара ацынхәрас ҳара иаабоит Адекларациа зҿагылоз - анацизми аҷыдалкаареи ридеологиа аиҭарҿыцразы хықәкылатәи акампаниа шымҩаԥысуа.

Мрагыларатәи Европеи Прибалтикеи ртәылақәа рҿы ҳәынҭқарратә ҩаӡарала Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аихшьаалақәа реиҭарыхәаԥшреи анацисттә цәгьоуцәа рхара рхыхреи ирзырхоу аполитика мҩаԥысуеит.

* Аамҭа-аамҭала Waffen-SS аррамаҵзурауаа ргәалашәаразы апарадқәеи аныҟәарақәеи мҩаԥыргоит.

* Мраҭашәаратәи атәылақәа аибашьра ашьҭахь ацәгьоуцәа аӡәырҩы аҽыҵәахырҭа рырҭеит, урҭ анаҩс активла амаҵзура ҷыдақәа аус рыцыруан.

* Асовет еибашьцәа-ахақәиҭтәыҩцәа рбаҟақәа акырџьара еиладырбгеит.

Арҭ аусқәа аҭоурых дырны еицаркуеит, хықәкыс ирымоуп афашизм аиааираҿы Асовет Еидгыла ароль хада аларҟәра, ииасыз аамҭаз дара рзы ихьымӡӷны иҟаз адаҟьақәа рыриашара.

Анеонацисттә режим иампыҵанакыз Украина аурысцәымӷра аҳәынҭқарратә политика аранг ахь ихагалоуп. Уи ацәырҵрақәа ируакхеит аурыс бызшәеи урысшәала ицәажәо ауааԥсыреи инеиԥынкыланы рзинқәа рыларҟәра.

Ԥхынҷкәын 3, 2025 шықәса рзы Украина Иреиҳаӡоу Арада Европатәи арегионалтә бызшәақәа рхартиа иахьчо абызшәақәа рсиаҿ аурыс бызшәа аҟазаара алзмыршо азакәан аднакылеит.

Ари ашьаҿа амилаҭ маҷқәа рбызшәақәа рхы иақәиҭны рыҿиараз аконституциатә гарантиақәеи Украина жәларбжьаратәи ахыдҵақәеи еиланагоит.

Урыстәыла АдәАР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова ииашаны ишазгәалҭо ала, ас еиԥш ахымҩаԥгашьа шаҳаҭра ауеит Киев адискриминациатә политика аԥыхра хымԥаданы изшьо аҭагылазаашьа ҭынчмҩала аҭышәныртәалара аинтерес шамам.

Оумашәа иубартә иҟоуп, аха Прибалтикеи Украинеи адискриминациеи аурысцәымӷреи рполитика мҩаԥыргоит Евроеидгыла анапхгаратә структурақәа рганахь ала активла ацхыраареи агәазыҟаҵареи рыманы. Уи ЕЕ адекларациа зызнауа «европатәи адоуҳатә мазарақәа» ирыдымгылозар ҟалап ҳәа агәыҩбара цәырнагоит.

Ауаҩы изинқәа рзеиԥш декларациа, ауаатәыҩса рҭоурых аҿы зегь реиҳа ашьа казҭәаз аибашьра аццышә иахылҵит, уи аиҭаҟалара аԥырҟәҟәаара иазку аԥҟарақәа реизгак аҳасаб ала. Адекларациа злашьақәгыло 30 хәҭаҷ баша азеиӷьашьарақәа рсиа акәны иҟаӡам, уи ауаатәыҩса зегьы рзы моралтә, зинтә компасуп. Аха, ишаабо еиԥш, ари акомпас иахьа иазхьаԥшыр рҭахым «ииашоу» азинеиҿкаара ҳадгылоит ҳәа зегьы раасҭа зыбжьы рдуны аҳәамҭақәа ҟазҵо ауааи атәылақәеи.

Анацисттә символика аиҭарҿиара, есесаа фырхаҵаны ршьара, абызшәатәи акультуратәи еилыхра ҳәынҭқарратә политикан аҟаҵара, аурысцәымӷра аҳра аҭара — арҭ зегьы Адекларациа ауасхыр ҵыршәаауеит. Ари амш аҽны жәларбжьаратәи аилазаара асеиԥш ишәарҭоу апроцессқәа ахәшьара иаша рырҭароуп. Уи ада 1948 шықәсазтәи аидеалқәа аҭоурых аҿы гәалашәаратә даҟьак иеиԥшны иаанхоит, ашәареи, амамзаареи, аиӷареи рҟынтәи зхы иақәиҭу ииашоу адунеи ашьақәыргыларазы напхгарак еиԥш акәымкәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: