Мрагыларатәи атәылақәак Шьамтәылатәи Арабтә республика иақәыӡбеит иара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра ахьазханаҵаз.
Мраҭашәаратәи атәылақәа иҟоу аҭагылазаашьа рҽандыршәар акәхоит. Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵара шьҭахьҟа ргьыжьышьа змам процессуп. Аамҭақәак рышьҭахь уи ус шакәу зегь ақәшаҳаҭхар акәхоит иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба.
Иара иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аинтерес кны ашьклаԥшра шарҭо абри ахҭыс зыхшыҩ иахнахыз Америка аҳәынҭдепартаменти мраҭашәаратәи атәылақәаки рхымҩаԥгашьа.
«Асеиԥш аҭак ҳара иџьаҳшьо акакәны иҟаӡам. Урҭ атәылақәа Аахыҵ Кавказ аҿы имҩаԥырго аполитика иацәхьамҵӡеит. Иацәхьамҵӡеит аԥсуа-ақырҭуа еибашьра ҵаҵӷәыс иамаз аҭоурыхтәи, аполитикатәи, азинтәи факторқәа ҽмырба ахьырзыруа» - иҳәоит Ҭыжәба.
Мраҭашәара ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла аинтересқәа аԥыжәара анрырҭо азхьаԥшра рзыруам иҟоу ареалиқәа ҳәа азгәеиҭоит Иракли Ҭыжәба.
«Апрактика ишаҳнарбо ала ЕАШ иара адгылаҩцәеи адунеи ауаажәлар зегьы рҿахәы зҳәо ракәны иԥхьаӡатәӡам. Адунеи аҟны имаҷӡам зхатә гәаанагара змоу, зхатә дәныҟаполитикатә мҩа иқәу, ҳреспублика анырра мап ацәызымкуа атәылақәа» ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтәи ареспубликеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵо азы аҳәамҭа ҟарҵеит 2018 шықәса лаҵара 29 рзы.