Германиа традицианы иҟалеит есышықәса ачерқьес-аԥсуа культуратә центрқәа рфестиваль ZEXES ақалақь Мионхенгладбах аҿы амҩаԥгара, уи ақалақь акультуратә центр анапхгаҩцәа еиҿыркаауеит.
Иҳаҩсыз амчыбжь анҵәамҭазы дара ақалақьқәа Берлин, Бремен, Гамбург, Ганновер, Киольн, Мангеим, Миунхен, Ниурнберг, Штутгарт, Вупперталь, иара убас Австриа, Бельгиа, Швеицариа рҟынтәи асасцәа рыдыркылеит.
Аусмҩаԥгатә қәҿиара дула имҩаԥысит, Мраҭашәаратәи Европа инхо адиаспора даҽазныкгьы еиднакылеит. Еиҳараӡак угәы иахәоит ас еиԥш иҟоу ахәылԥазқәа зҭоурыхтә ԥсадгьыл иацәыхараны инхо ачерқьес-аԥсуа диаспора иатәу аҿар рмилаҭ-культуратә хаҿра аиқәырхараҿы ацхыраара ахьрынаҭо.
