2024 шықәса хәажәкыра 7 азы Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәеит ареспубликақәа рыҩба рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рхаҭыԥуаа Иракли Ҭыжәбеи Александр Стециуки.
Аиԥылара иалахәын: Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнакра аиҳабы Гарри Купалба, Аԥсны Аҳәынҭқарра АдәАР астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба.
Аганқәа азхьаԥшра арҭеит Приднестровие аҵыхәтәантәи аамҭазы Молдова аганахь ала иаиуа аполитика-дипломатиатә қәыӷәӷәара.
Аиԥылара алахәылацәа ишьақәдырӷәӷәеит аҩ-тәылак аинырра арҿиара ԥхьаҟагьы ишацырҵало атәы.