Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы адомино азы Аԥсны ачемпионат аҟны аиааира згази аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы адомино азы Аԥсны ачемпионат аҟны аиааира згази аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит
7 August 2026 61

Нанҳәамза 4 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы адомино азы Аԥсны ачемпионат аҟны аиааира згази аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит.

Ацеремониа рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Тарас Ҳагбеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци.

Аԥсны Аҳәынҭқарра дачемпионхеит Саид Ашәба. Араӡны медал ианашьахеит Аинар Ԥлиа, аџьаз медал ианашьахеит Алмас Габуниа.

Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониаҿы Тарас Ҳагба аспортсменцәа риааира рыдиныҳәалеит, алахәылацәа разыҟаҵара аҩаӡара ахә ҳаракны ишьеит. Иара убасгьы ахәшьара бзиа аиҭеит Аԥсны амилаҭтә команда жьҭаарамзазы Испаниа имҩаԥысраны иҟоу адомино азы адунеи Ачемпионат ахь рҽазыҟаҵара апроцесс.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ жәларбжьаратәи адомино Афедерациа ахада Мануель Окендо ҭабуп ҳәа иеиҳәеит амилаҭтә Федерациа иҟанаҵо ацхырааразы.

Хазы, Тарас Ҳагба Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ихьӡала атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит 2027 шықәсазы адомино азы адунеи Ачемпионат амҩаԥгара аҽазыҟаҵара иазку апроект ганрацәала иахьадгыло азы.

Иара убас Тарас Ҳагба ҷыдала иазгәеиҭеит Аԥсны аспортсменцәа жәларбжьаратәи аицлабрақәа рылахәхара алзыршо авизатәи егьырҭ азҵаарақәеи рҿы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ацхыраара шыҟанаҵо.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иакәзар, ацеремониа алахәылацәа рахь ихы нарханы иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра, уи аспорт, акультура, аҿартә еимадарақәа рӡыргара адәныҟаполитикатә усбарҭа аус хадақәа ируакны ишаанхо.


Олег Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит аусбарҭа шазыхиоу Аԥсны аспорти аҿартә политикеи рыҿиараҿы излауала ацхыраареи алагала рыҟаҵареи.

Аиԥылара ашьҭахь ачемпионцәа иранашьан амедалқәа, ахраҿақәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: