Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны-ԥхьаҟатәи аинвестициақәа»

Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны-ԥхьаҟатәи аинвестициақәа»
3 April 2026 67

Афорум еиҿкаауп аекономикатә усеицура аҿиара, ареспублика аинвестициатә потенциал аарԥшра, аинвестициақәа радыԥхьалара, Аԥсны аҳәынҭқарра адәныҟаекономикатә еимадарақәа рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны. Апрограмма 2-мш аҵанакуеит – апленартә еилатәарақәа аартра амши аихшьаалақәа рыҟаҵареи амши. Иара убас Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ахырхарҭа хадақәа рыла астол гьежьқәа мҩаԥгахоит.

Афорум асасцәеи алахәылацәеи рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. Алахәылацәа рҿаԥхьа иара убасгьы ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит: Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников уб. егь.

Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи рекономика еиуеиԥшым аусхкқәа ирхаҭарнакцәоу 500-ҩык инареиҳаны аделегатцәа еидызкылаз афорум «Аԥсны-ԥхьаҟатәи аинвестициақәа» далахәуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: